Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла азхиоуп аиҿцәажәарақәа рзы Минскҟа аделегациа анашьҭра

Украина ахада Владимир Зеленски аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла анеитралтә статус алацәажәара дшазыхиоу азы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Урыстәыла азыхиоуп аиҿцәажәарақәа рзы Минскҟа аделегациа анашьҭра ҳәа аҩуеит РИА Новости Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иҟынтә адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Лавров: Урыстәыла аиҿцәажәара иазыхиахоит Украина аруаа абџьар шышьҭарҵалак
"Ишдыру еиԥш, иахьа Украина ахада Владимир Зеленски аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина анеитралтә статус алацәажәара дшазхиоу. Аханатә Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәахьан аоперациа хықәкыс ишамоу Донецки Лугански руааԥсыра ацхыраара рыҭареи Украина абџьархыхреи шракәу. Ари анеитралтә статус иузаҟәымҭхо иахәҭакуп", - ҳәа иҳәеит Песков.
Иара иазгәеиҭеит, Зеленски иажәалагала аҭакс Владимир Путин иҳәеит украинатәи аделегациа рыҿцәажәаразы Минскҟа урыстәылатәи аделегациа анашьҭра дшазыхиоу, Атәылахьчара аминистрра, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, ахада Иусбарҭа рхаҭарнакцәа алархәны.