Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла ишьақәнарҟьеит украинатәи 118 арратә хыбрақәа

Аԥшьаша Урыстәыла ахада Владимир Путин алаҳәара ҟаиҵеит Украина абџьархыхразы аоперациа ҷыда дшалаго азы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Арратә аоперациа ҷыда амҩаԥгараан Урыстәыла ишьақәнарҟьеит украинатәи 118 арратә хыбрақәа ҳәа аҩуеит РИА Новости Урыстәыла Арбџьармчқәа ахаҭарнак ҷыда Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иганы.
Аԥшьаша ауыхазтәи иҳәамҭаҿы 83 ргылара рхәашоуп ҳәа иҳәахьан.
"Арратә аоперациа ҷыда амҩаԥгараан Урыстәыла ишьақәнарҟьеит украинатәи 118 арратә хыбрақәа. Урҭ рҟынтәи: 11 арратә ҳаирбаӷәаза, 13 УАМ реимадаратә напхгараҭарҭақәа, 14 азенит-ракетатә комплексқәа ПВО С-300, "Оса", 36 арадиолокациатә станциақәа", - иҳәеит Конашенков.
Уи адагьы Конашенков иазгәеиҭит ишҭархоу аҳаирпланқәа хәба, вертолиотк, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хәба, аибашьыгатә катерқәа хәба.
Путин арратә аоперациа ада ԥсыхәа ыҟамызт ҳәа ахиҳәааит
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит Урыстәыла арбџьармчқәа иарбанызаалак ракетатә, авиациатә ма артиллериатә жәылара шыҟарымҵо. Иазгәарҭеит, аруаа русура шеиԥдырҟьо, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа шракәу ааха шрырҭо, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы.