Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Зеленски Путин аиҿцәажәара идигалеит

Урыстәыла ААР ахада Сергеи Лавров аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла аиҿцәажәара иазыхиахоит Украина аруаа абџьар шышьҭарҵалак ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Украина ахада Владимир Зеленски Владимир Путин аиҿцәажәара идигалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Урыстәылатәи Афедерациа ахада иахь ааԥхьара ҟасҵоит. Шәааи аицәажәарахь ҳаиасып, ауаа наҳмырҵәап", - ҳәа иҳәеит иара.
Москва аиҿцәажәара иазыхиахоит Украина аруаа абџьар шышьҭарҵалак ҳәа иҳәеит Урыстәыла ААР ахада Сергеи Лавров. Иара иажәақәа рыла, Украина ажәлар рлахьынҵа дара рхала ирыӡбароуп, адәныҟантәи қәыӷәӷәарак рмоукәан.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Лавров: Урыстәыла аиҿцәажәара иазыхиахоит Украина аруаа абџьар шышьҭарҵалак
Аԥшьаша, Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә аоперациа ҷыда ишалаго азы. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа ацхыраараз Урыстәыла иаҳәеит ", - иҳәеит иара. Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәараз иахьатәи украина анапхгара ишырхароу.
Путин украинатәи аруаа рахьгьы ааԥхьара ҟаиҵеит украинатәи анапхгара иҟарҵо ацәгьоуратә дҵақәа нарымгӡарц, рабџьар шьҭаҵаны рыҩныҟақәа ицарц.