Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Зеленски Украина азеиԥш мобилизациа рылеиҳәеит

Аԥшьаша украинатәи аинформмаҵзура УНИАН Telegram аҿы адырра ҟанаҵеит Зеленски Иреиҳаӡоу Арадахь азеиԥш мобилизациазы азакәан апроект наишьҭит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Владимир Зеленски 90 мшы рыҩнуҵҟала Украина азеиԥш мобилизациа рылеиҳәеит ҳәа аанацҳауеит ахада ишәҟәеиҿкааратә усбарҭа адокумент.
"Азеиԥш мобилизациа рылаҳәазарц адҵа ҟасҵоит", - ҳәа аҳәоит аусԥҟа.
Аусԥҟа инақәыршәаны 90 мшы рыҩнуҵҟа азеиԥш мобилизациа мҩаԥгахоит: Винницк, Волынск, Днепропетровск, Донецк, Житомирск, Закарпатск, Запорожск, Ивано-Франковск, Киев, Кировоград, Луганск, Львов, Николаев, Одесса, Полтава, Ровенск, Сума, Тернополь, Харьков, Херсон, Хмельницк, Черкасск, Черновицк, Чернигов аобластқәеи Киева ақалақьи рҿы.
Владимир Зеленски атәылауаа рахь иааԥхьараҿы иҳәеит уахыки-ҽнаки рыла ишҭахаз 137-ҩык, 300-ҩык аахақәа шроуз.
"Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла 137-ҩык Украина атәылауаа ҭахеит, урҭ рҟынтәи жәаҩык афицарцәа, ахәрақәа роуит 316-ҩык", - ҳәа Зеленски иҳәамҭа кьыԥхьуп Telegram-канал аҿы.
Аԥшьаша ашьыжь Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә аоперациа ҷыда ишалаго азы. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа иҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа Урыстәыла иаҳәеит ацхыраараз". Иара иҳәеит, Москва Украина абашьра агәы ишҭам, ирҭахыу абџьархыхра шакәу.
Путин арратә аоперациа ада ԥсыхәа ыҟамызт ҳәа ахиҳәааит
Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәараз иахьатәи украина анапхгара ишырхароу. Путин украинатәи аруаа рахьгьы ааԥхьара ҟаиҵеит украинатәи анапхгара иҟарҵо ацәгьоуратә дҵақәа нарымгӡарц, рабџьар шьҭаҵаны рыҩныҟақәа ицарц.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа. Иазгәарҭоит, украинатәи ақалақьқәа ишрыламкьысуа, аруаа русура еиԥдырҟьоит арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа. Убри аан Украина аҳәаахьчаҩцәа "аҿагылара руам" ҳәа азгәаҭоуп.
"Украина аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа шьаҽуп", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Иазгәаҭоуп ақалақьқәеи аҭынч уааԥсыреи ԥырхага шрыҭам. Уи адагьы аминистрра урыстәылатәи аҳаирплан кажьуп ҳәа аҳәаанырцәтәи АИХқәа рҳәамҭақәа ҿаԥнаҽуеит.