Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Апарламент адепутатрахь даҽа ҩыџьа акандидатцәа ашәҟәы иҭагалоуп

Иааидкыланы ари аамҭазы Апарламент адепутатрахь акандидатцәа зыӡбахә ҳәоу 133-ҩык рахьынтәи ашәҟәы иҭарыҩхьеит 124-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 26 – Sputnik. Алхратә комиссиа хадаҿы асабша даҽа ҩыџьа Аԥсны Апарламент адепутатрахь акандидатцәа ашәҟәы иҭаргалеит.
Алхратә комиссиа хадахь инаргаз ашәҟәқәа анҭырҵаа ашьҭахь Апарламент адепутатрахь ашәҟәы иҭарҩит анаҩстәи акандидатцәа:
Џьыкырба Шабаҭ Иродион-иԥа - 9-тәи алхратә ҭыԥ хадала (Мрагыларатәи),
Чамагәуа Суриа Данил-иԥҳа - 35-тәи алхратә ҭыԥ хадала (Галтәи).
Алхрақәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара мҩаԥыслоит хәажәкыра 2 аҟынӡа. Ари аамҭазы Аԥсны АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 124-ҩык Апарламент адепутатрахь акандидатцәа. АКХ аҟны адепутатрахь акандидатцәа руаӡәк ашәҟәы дҭыргеит.