Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Бибилов иҳәеит Қырҭтәыла атехника аизакра ишаҿу

Анатоли Бибилов иазгәеиҭеит аԥшыхәреи аконтрԥшыхәреи арӷәӷәара аҵак ду шамоу.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 26 – Sputnik. Алада Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов атәыла Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы иҳәеит, атәыла иҷыдоу аусбарҭақәа рҟынтәи иҟоу аинформациала Қырҭтәыла атехника аизакра ишаҿу. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада исаит.

"Алада Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рҳәаа инахыкны атехника аизакра иаҿуп. Исҭахын гәцаракрылеи ҭакԥхықәралеи шәрызнеир уаанӡатәи ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿ ишәыднаҵаз адҵақәа, ишахәҭоу иҭышәҵаарац Қырҭтәылеи ҳареи ҳабжьара аҳәаа", - ҳәа азгәеиҭеит Бибилов.

Ахәаша, жәабран 25 азы Алада Уаԥстәыла ахада ареспублика атәылахьчара аминистри уи ихаҭыԥуаҩи рмаҵурақәа рҟынтәи рхы иақәиҭитәит.
Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы Бибилов анапынҵақәа ииҭеит аамҭала атәылахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо аинрал-моиор Виктор Фиодоров:
Атәылахьчара аминистрра афицарцәа аԥсшьара иҟоу зегьы дырхынҳәырц;
Алада Уаԥстәыла Атәылахьчара аминистрра иамоу атехникеи абџьари зегьы ашәҟәы иҭаргаларц;
Ацхырааразы аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыда Атәылахьчара аминистрра аус рыцура;
Атәылахьчара аминистрра аилазаара хаҭала рацәажәара, аминистрра афицарцәа рыла ахарҭәаара жәабран 26 азы.