Арадио

Габниа Аԥсны Донецки Лугански жәлар рреспуликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы: ииашоу шьаҿоуп

Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура ахеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Гиви Габниа арадио Sputnik аефир аҿы ҳтәыла аганахьала Донецки Лугански жәлар рреспуликақәа рхьыԥшымра азхаҵара ахҳәаа ҟаҵо, Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә аоперациа ахәшьара аиҭеит.
Sputnik
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа аусԥҟа инапы аҵеиҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы. Урыстәыла анаҩс ҳтәыла раԥхьатәи ҳәынҭқарроуп арҭ аҩ-республикак азхаҵаз ҳәа азгәеиҭеит Габниа арадио Sputnik аефир аҟны. Ари ииашоу шьаҿоуп ҳәа иҳәеит Габниа.
"Аԥсны ианаамҭаз азхаҵара амаиузҭгьы жәылара иаауан, убри ауп ЛЖәРи ДЖәРи азхаҵара заиуз Урыстәыла аганахьала. Украина амилаҭеилыхыҩцәа уа инхо аурыс жәлар рықәгара акәын изышьҭаз, уи иаартны ирҳәон, аха егьырҭ аҳәынҭқаррақәа шьаҿакгьы ҟарҵомызт. Урыстәыла ииашаны ақәҵара аднакылеит азхаҵаразы", - ҳәа иҳәеит Габниа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.