Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Зеленски дыццакны Киев аанижьит иҳәеит Аҳәынҭдума аиҳабы Володин

Украина ахада урыстәылатәи аҳәынҭқарра ахада аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара идигалеит. Урыстәала иреиҳаӡоу аҩаӡарала Украина ацәажәара ишазхиоу аҳәеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭдума аиҳабы Виачеслав Володин иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски дыццакны Киев ааныжьны Львовҟа дцеит ҳәа, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Иара иажәақәа рыла, ари атәы рҳәеит Киев Зеленски иԥылара зҭахыз, аха Львовҟа инарԥхьаз Иреиҳаӡоу арада адепутатцәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин Урыстәыла иреиҳаӡоу аҩаӡарала Украина ацәажәара иазыхиоуп иҳәеит

Урыстәыла Украина арратә аоперациа ҷыда иалагеит жәабран 24 азы Донбасс жәлар рреспубликақәа ацхыраараз Урыстәылаҟа аҳәара аныҟарҵа ашьҭахь. Путин украинатәи аруаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит украинатәи анапхгара иҟарҵо ацәгьоуратә дҵақәа нарымгӡарц, рабџьар шьҭаҵаны рыҩныҟақәа ицарц. Урыстәыла ахада иҳәеит иҟалар зылшо ашьакаҭәараз иахьатәи украина анапхгара ишырхароу.