Аԥсны

Амилаҭи абызшәеи реиқәырхаразы: агазеҭ "Аԥсны" 103 шықәса ахыҵит

1919 шықәса жәабран 27 рзы иҭыҵит аԥсуа милаҭтә газеҭ "Аԥсны" раԥхьатәи аномер. 2001 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иқәҵарала ари амш Аԥсны ажурналистцәа рзанааҭтә ныҳәамшны ишьақәырӷәӷәоуп.
Sputnik

Жәабран 27, 1919 шықәсазы раԥхьаӡа акәны акьыԥхь абеит аԥсуа милаҭтә газеҭ "Аԥсны".

Sputnik

"Аԥсны" – ԥсышәала иҭыҵуа ауаажәларра-политикатә газеҭуп. Агазеҭ "Аԥсны" 1921 шықәса инаркны 1991 шықәсанӡа "Аԥсны ҟаԥшь" ҳәа иҭыҵуан, аштат аҟны 22-ҩык аусзуҩцәа аман. Асовет аамҭазы 42-ҩык аусзуҩцәа змаз агазеҭ "Аԥсны", атираж 15-16 нызқь рҟынӡа инаӡон.

"Ҳара ҭоурыхла иаадыруа, ҳзыԥхьахьоу, иҳамоу аматериалқәа рыла уазхәыцыр, уамашәа иубартә иҟоуп усҟан 1919 шықәса рзы Аԥсны аменшевикцәа ахаԥаны ианыҟаз, Гәлиа излаилшазеи агазеҭ аҭыжьра ҳәа. Гәлиа иҩызцәеи иареи хырхарҭак арҭеит агазеҭ, уи актәи аномер инаркны иаҳәоз аԥсуа жәлар рхьаа акәын, уи рҟырҟы икылхны инарыгӡеит", - азгәеиҭеит агазеҭ "Аԥсны" аредактор хада Енвер Ажьиба.

Аредақтор хада иажәақәа рыла агазеҭ хықәкыс иамаз, иахьа уажәраанӡагьы иамоу ҳмилаҭи ҳбызшәеи реиқәырхара ауп, абиԥара ҿа ԥсуаҵас рааӡара ауп.

Агазеҭ аҭыҵра ианалага инаркны аԥсуа литеаратура аҩаӡара ҳаракхеит, аԥсуа журналистикагьы аҿиарамҩа ианылеит. "Агазеҭ "Аԥсны " аредакциа иҩнымсыз иахьатәи ҳашәҟәыҩҩцәеи, ҳҵарауааи шамахамзар иҟаӡам, зегьы абра хәышҭаараны ӡыжәырҭаны ирыман, абраҟа аԥышәа ду шьҭыркааит, иҳәоит иара.

Аԥсуа журналистцәа аӡәы иҵымхо иҟаҵатәуп, ҳәа Sputnik иаиҭаз аинтервиуқәа руак аҟны иҳәахьан Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.

Руслан Ҳашыг: аԥсуа журналистцәа аӡәы иҵамхо иҟаҵатәуп

"Аԥсуа журналистцәаа аӡәы иҵымхо иҟаҵатәуп. Уи азыҳәан аусура, аҿиара, азҿлымҳара, адгылара аҭахуп. Еиуеиԥшым аҿиара аетапқәа рҿы иаҭахуп, аҵара инаркны, атехникалеи аулафахәылеи реиқәыршәара, ауаажәларра рыбжьара аҳаҭыр қәҵара. Абарҭ зегьы еидҳәалоуп. Егьырҭ амчрақәа русура ажурналистикада инагӡаны изыҟалаӡом", - хәа иҳәеит Руслан Ҳашыг. 

Ҳашыг иажәақәа рыла, ажәа ахақәиҭра амамзар, иацымзар аҭакԥхықәра изыҟалаӡом ажурналистика.

Иахьа, агазеҭ "Аԥсны" аиҳабыреи ажәлари рыбжьара ацҳаржәҳәаҩра ауеит. Урҭ иаԥырҵо азакәанқәеи, аусԥҟакәеи, рықәгыларақәеи инарываргыланы агазеҭ адаҟьақәа ирнылоит аԥсуа иԥсҭазаашьа атәы зҳәо астатиақәа.

"Аԥсны" — аԥсышәала иҭыҵуа ауаажәларратә-политикатә газеҭуп. Иара акьыԥь абеижьҭеи иҵуеит 102 шықәса. 1921-1991 ашықәсқәа рзы агазеҭ ҭыҵуан "Аԥсны ҟаԥшь " ахьыӡны.

Иахьазы, ҳҳәынҭқарраҿы ԥсышәала мацара иҭыҵуа агазеҭ "Аԥсны" заҵәык ауп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: