Руслан Ҳашыг: аԥсуа журналистцәа аӡәы иҵамхо иҟаҵатәуп

© Fotolia / Mihajlo MaricicИнтервью
Интервью - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 27, 1919 шықәсазы раԥхьаӡа акәны акьыԥхь абеит аԥсуа милаҭҭә газеҭ "Аԥсны ". Ари амш ԥхьаӡоуп Аԥсны амассатә-информациатә хархәагақәа русзуҩцәа ирымш ныҳәаны.

АҞӘА, жәабран 27 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсуа  журналистцәа аӡәы иҵымхо иҟаҵатәуп, абри атәы иҳәеит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.

"Аԥсуа журналистцәаа аӡәы иҵымхо иҟаҵатәуп. Уи азыҳәан аусура, аҿиара, азҿлымҳара, адгылара аҭахуп. Еиуеиԥшым аҿиара аетапқәа рҿы иаҭахуп, аҵара инаркны, атехника ала реиқәыршәара, аулафахәыла реиқәыршәара, ауаажәларра рыбжьара аҳаҭыр қәҵара. Абарҭ зегьы еидҳәалоуп. Егьырҭ амчрақәа русура ажурналистикада инагӡаны изыҟалаӡом", — хәа иҳәеит Руслан Ҳашыг. 

Ҳашыг иажәақәа рыла, ажәа  ахақәиҭра амамзар, иацымзар аҭакԥхықәра изыҟалаӡом ажурналистика.

"Иахьа, аԥсуа ҳәынҭқарраҿы ҳазхыҽхәаҽа акакәны иҟоуп аԥсуа журналистика аҳәынҭкарра иашьагәыҭны зхы иақәиҭны иҿио иахьыҟоу. Ари еихьӡароуп. Аԥсны иҟоуп аҳәынҭқарратә кьыԥхь, ателехәаԥшра, аинформациатә агентствақәа, иара убас иҳәынҭқарратәын аҭыжьымҭақәагьы. Ари ажәлари аҳәынҭқарри ирзеиԥш малуп. Иҳәынҭқарратәым ажурналистика аҳәынҭқарратә журналистика аҿиара иацхраауеит. Арҿиаратә еицлабра ажурналистика азеиԥш ҭагылазаашьа еиӷьнатәоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Аԥсны амассатә-информациатә хархәагақәа русзуҩцәа рымш ныҳәа инамаданы Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла арҿиара знапы алаку ажурналистцәа аконкурсқәа хԥа рыларҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0