Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Адзиудо азы Жәларбжьаратәи афедерациа Путин аилак ҳаҭыр зқәу апрезидент ҳәа ахьӡ ихнахит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин адзиудо азы Жәларбжьаратәи афедерациа ҳаҭыр зқәу апрезиденти ацҳаражәҳәаҩи рзы инапынҵақәа аанкылоуп, абри атәы аанацҳауеит аилак асаит.
Путин ари аҩыза анапынҵақәа иҭан 2008 шықәсазы. Иара адзиудо азы аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ ихуп, 1976 шықәсазы Ленинград Ачемпионс дҟалеит.
"Украина имҩаԥысуа аибашьра аанкыларазы аҽазышәара ахьыҟам иахҟьаны, адзиудо азы Жәларбжьаратәи афедерациа (IJF) Владимир Путин аилак ҳаҭыр зқәу апрезиденти ацҳаражәҳәаҩи ҳәа ахьӡ ихнахит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Украина адемилитаризациеи аденацификациеи рзы арратә операциа мҩаԥнагоит Урыстәыла, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра шазхеиҵо азы Аусԥҟа инапы аҵаҩит жәабран 21 азы.