Аԥсны

Аҟәеи Шәачеи рыбжьара ашахмат азы аиҩызаратә еицлабра иалагеит

Аиааира зго иранашьахоит ахраҿақәеи, амедалқәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи, иара убас аԥаратә ҳамҭақәеи. Аицлабра амҩаԥгараз ахарџьқәа зегьы Аԥсны ашахмат азы Афедерациа ахахьы иагеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik. Шәачеи Аҟәеи ркомандақәа рыбжьара ашахмат азы аҭакҟаҵаратә аҩызаратә еицлабрақәа ирылагеит асабша жәабран 26 Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны.
Аицлабрақәа мҩаԥгахоит ҩ-турнирк рыла, раԥхьатәи амш азы имҩаԥысит ирццакны ашахмат асра- рапид, аҩбатәи ахәмарратә амш жәабран 27 азы имҩаԥысуеит иаҳа ирццакны ахәмарра - аблиц.
1 / 10

Ашахмат азы аҩызаратә еицлабра аартра

2 / 10

Ашахмат азы аҩызаратә еицлабра аартра

3 / 10

Ашахмат азы аҩызаратә еицлабра аартра

4 / 10

Ашахмат азы аҩызаратә еицлабра аартра

5 / 10

Ашахмат азы аҩызаратә еицлабра аартра

6 / 10

Ашахмат азы аҩызаратә еицлабра аартра

7 / 10

Ашахмат азы аҩызаратә еицлабра аартра

8 / 10

Ашахмат азы аҩызаратә еицлабра аартра

9 / 10

Ашахмат азы аҩызаратә еицлабра аартра

10 / 10

Ашахмат азы аҩызаратә еицлабра аартра

Акомандақәа фҩык-фҩык ахәмарҩцәа рыла ишьақәгылоуп, Аԥснытәи акоманда иалахәуп: Тристан Кәарацхелиа, Нестор Багаҭелиа, Богдан Турков, Данил Ҳалбад, Борис Наҟәаԥиа Константин Ҭыжәба. Шәачатәи акоманда шьақәгылоуп: Лучезар Коваленко, Мариель Ковлаленко, Павел Коваленко, Алексеи Бычков, Аннеи Данили Литвиноваа.
Ахшыҩи ахәыцреи ахьаԥшәымоу: Тамшь имҩаԥысыз ашахматтә турнир
Аицлабра мҩаԥысуеит Краснодартәи атәылаҿацә ашахмат азы Афедерациа аиҳабы Евгени Бондоренкои, Шәача ақалақь ашахмат азы Афедерациа аиҳабы Руслан Незамиатини, Аԥсны ашахмат азы Афедерациа аиҳабы Константин Ҭыжәбеи раԥшьгарала. Аицлабрақәа рыҟны аӡбаҩ хадас дыҟоуп Гәдоуҭантәи Альберт Карапетиан.
Аԥсны ашахмат азы Афедерациа излаанацҳауа ала, аицлабра иалахәу асасцәа рзы иаԥҵоуп аҭагылазаашьа бзиақәа, дара ҩноуп асасааирҭа "Риҵа". Иара убасгьы иазгәаҭоуп, урыстәылатәи ашахматасыҩцәа Аҟәа ақалақь аҭыԥ ԥшӡарҭақәа дырбара.