Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Атәылахьчара аҟны Урыстәылеи Украинеи рырбџьарамчқәа ирымоу ацәыӡқәа атәы еиҿдырԥшит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik. Украина адемилитаризациеи аденацификациеи рзы иҷыдоу арратә операциа мҩаԥысуеижьҭеи урыстәылатәи аруаа рыбжьара иҭахази ахәра заузи ыҟоуп, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Арбџьармчқәа ахаҭарнак ҷыда Игор Конашенков, аҩуеит РИА Новости.
"Арратә аоперациа анагӡараан урыстәылатәи аруаа ахаҵареи агәымшәареи аадырԥшуеит. Иҟоуп иҭахази ахәра заузи ҳаруаа. Ҳара иҳамоу ацәыӡқәа акырӡа еиҵоуп украинатәи арбџьарамчқәа ирыҭоу ааха аасҭа", - иҳәеит Конашенков.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла ишьақәнарҟьеит украинатәи 975 арратә хыбрақәа
Конашенков иажәақәа рыла, Урыстәыла ишьақәнарҟьеит украинатәи 1067 арратә хыбрақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп УАМ реимадаратә напхгараҭарҭақәа 27, азенит-ракетатә комплексқәа 38.
Жәабран 21 раахыс Украина адемилитаризациеи аденацификациеи рзы арратә операциа мҩаԥнагоит Урыстәыла, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра шазхеиҵо азы Аусԥҟа инапы аҵаҩит жәабран 21 азы. Урыстәыла инашьҭырххны донбасстәи ареспубликақәа рхьыԥшымра Аԥсны азханаҵеит.