Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Google Meta рдаҟьақәа рҟны урыстәылатәи АИХқәа рӡыргаразы азин рымырхит

Донбасс аоперациа ҷыда иалагеижьҭеи Мраҭашәаратәи атәылақәеи аилакқәеи Урыстәыла аганахьала асанкциақәеи аԥкрақәеи аларгалоит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik. Google Meta рдаҟьақәа рҟны урыстәылатәи АИХқәа рӡыргаразы азин рымырхит, аҩуеит РИА Новости Реитер ажәақәа шьаҭас иганы.
Уи аԥхьа урыстәылатәи аҳәынҭқарратә АИХқәа аԥкрақәа шрықәҵоу азы аҳәамҭа ҟанаҵеит Facebook иатәу аилахәыра Meta.
Амҽышаҽны ԥшьымшуп Урыстәыла Донбасс аоперациа ҷыда мҩаԥнагоижьҭеи. Аоперациа ианалага раԥхьатәи амш инаркны Мраҭашәаратәи атәылақәеи аилакқәеи Урыстәыла аганахьала асанкциақәеи аԥкрақәеи аларгалоит.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы. Иазгәарҭеит, аруаа русура шеиԥдырҟьо, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа шракәу ааха зырҭо.