Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Песков: аиҿцәажәарақәа Гомель имҩаԥгазарц изҭаххаз украинатәи аган ауп

Хара имгакәа урыстәылатәи аделегациа украинатәи аган аиҿцәажәарақәа мап ахьацәыркыз азы аҳәамҭа ҟарҵараны иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik. Аиҿцәажәарақәа Гомель имҩаԥгазарц азы изҭаххаз украинатәи аган ауп, абри атәы ажурналистцәа иреиҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.
"Гомель ақалақь аҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгаразы ахьӡ зҳәаз украинатәи аган ауп. Ишаҳҳәахьо еиԥш, урыстәылатәи аделегациа алахәылацәа азыхиоуп аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара. Урыстәылатәи аделегациа напхгара аиҭоит Ахада ицхырааҩ Владимир Медински. Хара имгакәа иара аҳәамҭа ҟаиҵараны дыҟоуп", - иҳәеит Песков.
Кремль ахаҭарнак иажәақәа рыла, арратә операциа иацы ишаанкылаз еиԥш иахьа иаанкылахом, уи азы украинатәи аган адырра рыҭоуп.
Урыстәылатәи аделегациа Украинеи дареи реиҿцәажәаразы Гомельҟа инеит амҽыша ашьыжь. Белоруссиа ААР аҟны аҩганк реиқәшәаразы иахәҭаз ашәҟәқәа зегьы еиқәнаршәеит. Аха, Украина ахада Владимир Зеленски аҳәамҭа ҟаиҵеит, Урыстәылеи иареи реиҿцәажәарақәа мҩаԥысыр шалшо Варшава, Будапешт ма Сҭампыл.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Зеленски Белоруссиа урыстәылатәи аделегациа рԥылара мап ацәикит
Украина адемилитаризациеи аденацификациеи рзы арратә операциа иалагеит жәабран 24 азы. Аоперациа ҷыда раԥхьатәи амшқәа инаркны Мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәылеи уи анапхареи рганахьала асанкциа ҿыцқәа аларгалеит.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы. Иазгәарҭеит, аруаа русура шеиԥдырҟьо, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа шракәу ааха зырҭо.