Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин: аиҿцәажәарақәа рзы Киев иамаз алшара ахархәара анамҭеит

Москва Украина аимак аҭышәныртәаларазы адипломатиатә мҩақәа рыԥшаара ишазыхиоу азы аофициалла аҳәамҭа ҟанаҵеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik. Урыстәыла Гомель аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара иазыхиоуп, аха Киев уи азы иамоу алшара ахархәара анаҭом, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылатәи ахада Владимир Путин Израиль аԥыза-министр Нафтали Бенетту даниҿцәажәоз, абри атәы аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.
Амҽыша 15:00 сааҭ рзы аиҿцәажәарақәа рзы Киев аҭак азы иазыԥҵәаз аамҭа нҵәеит. Урыстәылатәи аделегациа Украинеи дареи реиҿцәажәаразы Гомельҟа инеит амҽыша ашьыжь. Белоруссиа ақалақь Гомель аҟны аиҿцәажәарақәа имҩаԥгазарц изҭаххаз украинатәи аган ауп.
Урыстәылатәи аделегациа иалоуп атәылахьчара аминистрра ихаҭыԥуаа, ААР, Белоруссиа иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Борис Грызлов, жәларбжьаратәи Аилак ахада Леонид Слуцки. Официалла урыстәылатәи аделегациа напхгара аиҭоит Ахада ицхырааҩ Владимир Медински.
Белоруссиа ААР аҟны аҩганк реиқәшәаразы иахәҭаз ашәҟәқәа зегьы еиқәнаршәеит. Аха, Украина ахада Владимир Зеленски аҳәамҭа ҟаиҵеит, Урыстәылеи иареи реиҿцәажәарақәа мҩаԥысыр шалшо Варшава, Будапешт ма Сҭампыл.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Зеленски Белоруссиа урыстәылатәи аделегациа рԥылара мап ацәикит