Ешыратәи ҩажәиҩбатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуа ахԥатәи алхырҭатә ҭыԥ акомиссиа ахантәаҩы еиҭалҳәеит хәажәкыра 12 рзы имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны Жәлар реизарахь алхрақәа иахьынӡарзыҟаҵоу, асиақәа реиқәыршәаразы аусура шцо, згәамбзиара иахҟьаны алхрақәа рахь изымнеиуа рарзаҳалқәа шроуа, алхратә ҭыԥ аҟны алхыҩцәа рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо, акомиссиа иалоу шаҟаҩы ыҟоу, асанитартә ԥҟарақәа рықәныҟәара иахьынӡазхиоу атәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.