АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik. Украинеи Урыстәылеи реиҿцәажәарақәа Белоруссиа рымҩаԥгаразы украинатәи аган ақәшаҳаҭхеит, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит урыстәылатәи аделегациа анапхгаҩы, Ахада ицхырааҩ Владимир Медински.
Иҳәеит, урыстәылатәи аделегациа Гомельҟа амҩа ишықәлаз.
Урыстәыла Украина арратә аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь Владимир Зеленски Урыстәыла ахада аиҿцәажәарақәа идигалеит. Урыстәылатәи аган уи иақәшаҳаҭхеит.
Украина адемилитаризациеи аденацификациеи рзы арратә операциа мҩаԥнагоит Урыстәыла жәабран 21 раахыс. Аоперациа ҷыда раԥхьатәи амшқәа инаркны Мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәылеи уи анапхареи рганахьала асанкциа ҿыцқәа аларгалеит.
ДЖәРи ЛЖәРи урыстәылатәи аруаа рыцхыраарала русура еиԥдырҟьоит украинатәи арратә хыбрақәа.