Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла ишьақәнарҟьеит украинатәи 975 арратә хыбрақәа

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы. Иазгәарҭеит, аруаа русура шеиԥдырҟьо, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа шракәу ааха зырҭо.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik. Арратә аоперациа ҷыда амҩаԥгараан Урыстәыла ишьақәнарҟьеит украинатәи 975 арратә хыбрақәа, абри атәы аҩуеит РИА Новости Урыстәыла Арбџьармчқәа ахаҭарнак ҷыда Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иганы.
"Урҭ рҟынтәи: 23 арратә ҳаирбаӷәаза, УАМ реимадаратә напхгараҭарҭақәа хԥа, 31 азенит-ракетатә комплексқәа ПВО С-300, "Оса", 48 арадиолокациатә станциақәа", - иҳәеит Конашенков. Иара убас иҭархоуп аҳаирпланқәа ааба, быжь-вертолиотк, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 11, атактикатә ракета "Точка-У", - иҳәеит Конашенков.
Иара убас урыстәылатәи аруаа иршьаҽит атанкқәа 223 цыра, иара убас акәылӡы-еибашьыгатә машьынақәа, адгьылаҿынтәи иҭархоуп 28 ҳаирплан, ахысгақәа 39, аминомиотқәа 86, арратә машьынақәа 143.
Украина адемилитаризациеи аденацификациеи рзы арратә операциа иалагеит жәабран 24 азы. Арратә операциа ишалагаз рылаҳәо Путин "аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа ацхыраараз Урыстәыла иаҳәеит", ҳәа азгәеиҭеит.
Путин украинатәи аруаа рахьгьы ааԥхьара ҟаиҵеит украинатәи анапхгара иҟарҵо ацәгьоуратә дҵақәа нарымгӡарц, рабџьар шьҭаҵаны рыҩныҟақәа ицарц.