Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аделегациа 15:00 сааҭ рҟынӡа Гомель реиқәшәаразы Киев аҭак иазыԥшуеит

Украина адемилитаризациеи аденацификациеи рзы арратә операциа мҩаԥнагоит Урыстәыла. ДЖәРи ЛЖәРи урыстәылатәи аруаа рыцхыраарала русура еиԥдырҟьоит украинатәи арратә хыбрақәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik. Урыстәыла ахаҭарнакцәа 15:00 сааҭ рҟынӡа Гомель реиқәшәаразы Киев аҭак иазыԥшуеит, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылатәи аделегациа анапхгаҩы, Ахада ицхырааҩ Владимир Медински.
"Асааҭ 15:00 сааҭ рҟынӡа ара ҳаҟазаауеит, ҳазыԥшызаауеит Киев аҭак. Рҭак шааҳаулак еиԥш аҭыԥахь ҳнеиуеит, аиҿцәажәарақәа рзы ҳколлегацәа ҳарԥылоит. Ҳара аҭынчра ҳҭахуп. Аиҿцәажәарақәа мап ацәыркыр ашьакаҭәаразы ахара зегьы рыдлоит украинатәи аган. Макьана, асааҭ 15:00 рҟынӡа ара ҳаҟоуп", - иҳәеит иара.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Зеленски Белоруссиа урыстәылатәи аделегациа рԥылара мап ацәикит
Иҳәеит, иара аҭыԥантәи аамҭа ауп зыӡбахә имоу ҳәа (белоруссиатәи москватәи аамҭақәа еиқәшәоит-азгәаҭа).
Уи аԥхьа Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков аҳәамҭа ҟаиҵахьан, арратә операциа иацы ишаанкылаз еиԥш иахьа иаанкылахом, уи азы украинатәи аган адырра рыҭоуп.
Урыстәылатәи аделегациа Украинеи дареи реиҿцәажәаразы Гомельҟа инеит амҽыша ашьыжь. Белоруссиа ААР аҟны аҩганк реиқәшәаразы иахәҭаз ашәҟәқәа зегьы еиқәнаршәеит. Аха, Украина ахада Владимир Зеленски аҳәамҭа ҟаиҵеит, Урыстәылеи иареи реиҿцәажәарақәа мҩаԥысыр шалшо Варшава, Будапешт ма Сҭампыл.