Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи амассатә информациа ахархәагақәак Украина аҵакыраҿы русура аанкылоуп

Аоперациа ҷыда раԥхьатәи амшқәа инаркны Мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәылеи уи анапхареи рганахьала асанкциа ҿыцқәа аларгалеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik. Урыстәылатәи амассатә информациа ахархәагақәеи урт рдаҟьақәеи Украина аҵакыраҿы русура аанкылоуп, абри атәы аанацхауеит РИА Новости.
Украина аҵакыраҿы Russia Today иатәу амобилтә цҵа ахархәара аанкылоуп, ателеканал адыррақәа рыла, аусура аԥкра ақәнаҵеит Google Киев иҟанаҵаз аҳәарала.
Уи аԥхьа адырра ҟаҵан Украина аҵакыраҿы аусура шаанкылоу урысшәыла иҟоу Sputnik YouTube-канал.
2020 шықәса раахыс Роскомнадзор ашәҟәы иҭанагалит 50 рҟынӡа урыстәылатәи АИХқәа рганахьала иҟаҵаз аилагарақәа. Еиҳарак ацензура рықәырҵон Sputnik, RT, Anna News ражәабжьқәа.
Уи адагьы Google адаҟьаҟны урыстәылатәи АИХқәа рӡыргаразы азин рымнахит.
Роскомнадзор изныкымкәа иазгәанаҭахьеит, аиԥш зеиԥшу YouTube ашьаҿақәа ажәа ахақәиҭреи, ажәабжь аларҵәареи рзы иҟоу аԥҟарақәа шеиланаго.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Google Meta рдаҟьақәа рҟны урыстәылатәи АИХқәа рӡыргаразы азин рымырхит