АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡыда иҟазаауеит хәажәкыра 1, асааҭ 18:00 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит "Аӡыканал".
Аӡыҭгагатә станциа Кьалашәыр иҟалаз амашәыр иахҟьаны Аҟәа иахьаҵанакуа Турбаза, амҩадуқәа аишьцәа Занҭариаа рыхьӡ зху, Ҷанба, Комсомольскаиа, ақыҭақәа Зыгәҭа, Басла, Баслаҭа инхо ауааԥсыра аамҭала ӡыда иҟоуп.
Аусзуҩцәа ргәаанагарала аусурақәа хдыркәшоит хәажәкыра 1, асааҭ 18:00 рҟынӡа.