АҞӘА, жәабарн 28 - Sputnik. Алада Уаԥстәыла ахада идҵа ахәаақәа ирҭагӡаны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә хеилак Қырҭтәылеи дареи рыбжьара аҳәаахьчара дырӷәӷәеит ҳәа аанацҳауеит Алада Уаԥстәыла АШәХ.
"Алада Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәаа ахьчара рӷәӷәоуп. Иазгәаҭатәуп, ақыртуа ганалагь аҳәаахьчара шырӷәӷәоу", - ҳәа азгәаҭоуп Ашәарҭадаратә хеилак аҳәамҭаҟны.
Алада Уаԥстәыла АШәХ Қырҭтәыла аҭагылазаашьа ҭышәантәалан иашьоит, урыстәылатәи аиҳабыра рхымҩаԥгашьаз қырҭтәылатәи аполитикцәа аӡәырҩы ишыргәамԥхогьы.
Украина иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы Урыстәылеи Алада Уаԥстәылеи аиҩызареи аусеицурази ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны атәылаҿы иаԥҵан аоперштаб, ирылаҳәан арратә ҽазыҟаҵара.
Европатәи атәылақәа Урыстәыла иадҟарҵалаз асанкиақәа Қырҭтәыла аҽаланамырхәӡеит, атәыла амилаҭ инҭересқәа ҳасаб рзуны.