Аԥсны

Аԥсны арбџьармчқәа аҽазыҟаҵара цҵақәа мҩаԥыргоит Украина иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы

Жәабран 21 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа амчратә усбараҭақәа рнапы ианиҵеит Қырҭтәыла аганахь ала иҟалар зылшо апровакациақәа рҿагылара иазыхиазарц.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра Украина иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы аҽазыҟаҵара цҵақәа мҩаԥнагоит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.
Аԥсны
Бжьаниа украинатәи аҭагылазаашьа далацәажәеит Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы
Ануа иазгәеиеҭит, аԥснытәи аруаа атәыла ахада инапынҵала ахиара шрымоу.
Иара иажәақәа рыла, Атәылахьчара аминистрра мҽхакыҭбаалатәи арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит. Уи адагьы Украина иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы аусбарҭаҿ аҽазыҟаҵара-цҵақәа рымҩаԥгара адокументациа аздырхиоит.

"Ахада инапынҵа инақәыршәаны ауснагӡатә мҩаԥгахоит. Аҽазыҟаҵарақәа ауснагӡа еснагь имҩаԥаагон, уажәы Украинеи адунеи аҟны иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы аҽазыҟаҵара-цҵақәа мҩаԥгахоит", - иҳәеит иара.

Жәабран 21 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа амчратә усбараҭқәа рнапы ианиҵеит Қырҭтәыла аганахь ала иҟалар зылшо апровакациақәа рҿагылара иазыхиазарц.