Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Евроеидгыла урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы аҳауатә еимадара анаркит

Урыстәылатәи аруаа Донбасс арратә операциа ҷыда ианалага ашьҭахь, Европа атәылақәак урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы аҳауатә ҵакыра адыркит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik. Еврокомиссиа Евроеидгыла ахь ажәалагала ҟанаҵеит урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы аҳауатә еимадара аркызарц. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Еврокомиссиа аиҳабы Урсула фон дер Лиаеен лажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Аурысқәа рзы ҳҳауатә ҵакыра аркхоит. Урыстәыла иатәу ма Урыстәыла ашәҟәы иҭагалоу аҳаирпланқәа зегьы Евроеидгыла аҵакыраҿы изтәом, изышьҭыԥраауам ма изахыԥраауам. Арахь иаҵанакуеит ахатәы, ачартертә уҳәа аҳаирпланқәа зегьы", - лҳәеит лара.
Европа атәылақәак урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы аҳауатә ҵакыра адыркит арратә операциа ҷыда ианалага ашьҭахь. Мраҭашәара аекономикатә санкциақәа аднаҵоит Урыстәыла.
Еврокомиссиа Абанк хада иарбанзаалак аоперациа ацымҩаԥгара азин аанкылоуп, иара убас абанктә система SWIFT ахархәара аԥкра алагалахоит.