Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҭынч уааԥсыра Киев аанрыжьыр ҟалоит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит

Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак аҳәамҭа ҟаиҵеит уажәтәи аамҭазы Киев аҟазаара шшәарҭоу хылаԥшрада иршаз абџьар иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Киев аҭынч уааԥсыра ақалақь иалҵыр ҟалоит амҩаду Киев — Васильков ала ҳәа иҳәеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.

"Ари ахырхарҭа еиҳа ишәарҭам, иаартуп. Урыстәылатәи ар ааха зырҭо арратә ргыларақәа роуп. Аграждантә уааԥсыра ԥырхага роуам", - иҳәеит Конашенков.

Урыстәыла АМ аҳәамҭа ҟанаҵеит аҳауаҿы урыстәылатәи авиациа аԥыжәара амоуп, иҭанархахьеит 1114 арратә хыбра ҳәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла авиациа Украина аҳауатә ҵакыраҿы аԥыжәара амоуп
Уаанӡа ишҳәаз ала, Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аиҿцәажәара мҩаԥысраны иҟан асааҭ 12:00 рзы Белоруссиа.
Аиҿцәажәарақәа раан уаанӡеиԥш арратә аоперациа аанкылахом.
Жәабран 21 азы Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа Урыстәыла ахадарахь иҟарҵаз аҳәара инақәыршәаны Урыстәыла ахада арҭ ареспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаны жәабран 24 азы Украина абџьархыхразы арратә операциа ҷыда далагеит.
Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәараз иахьатәи украина анапхгара ишырхароу.