Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла авиациа Украина аҳауатә ҵакыраҿы аԥыжәара амоуп

Уаанӡа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иазгәанаҭон Урыстәыла аҳаиртә мчқәа Украина ақалақьқәа ишрыламхысуа, ахархәага ҷыдақәа рыла арратә инфраструктура ашьаҽра шакәу имҩаԥырго.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Урыстәыла авиациа Украина аҳауатә ҵакыраҿы аԥыжәара амоуп ҳәа аҩуеит РИА Новости аминистрра аофициалтә хаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Урыстәыла авиациа Украина аҳауатә ҵакыра зегьы аҟны аԥыжәара амоуп", - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Конашенков.

Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла аҳаир- космостә мчрақәа ииасыз уахыки-ҽнаки рыла аибашьыга машьынақәа "Бук М-1" ааба, ЗРК С-300-и "Бук М-1" рыстанциақәа, арадиотехникатә позициақәа астанциақәа П-14 рыцны хԥа, аибашьыга ҳаирыпланқәа хәба ҭадырхеит.
Ахылаԥшра рырҭоит ақалақьқәа: Бердианск, Енергодар, Запорожтәи АЕС.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла ишьақәнарҟьеит украинатәи 975 арратә хыбрақәа
Атәылахьчара аминистрраҿы иазгәарҭеит Киев абџьар змоу ауаа ақәыларақәеи арҳәрақәеи шымҩаԥырго.
"Киев амилаҭеилыхыҩцәа, ақәылаҩцәа, арҳәцәа абџьар рыманы хылаԥшрада иалоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Жәабран 21 азы Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа Урыстәыла ахадарахь иҟарҵаз аҳәара инақәыршәаны Урыстәыла ахада арҭ ареспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаны жәабран 24 азы Украина абџьархыхразы арратә операциа ҷыда далагеит.
Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәараз иахьатәи украина анапхгара ишырхароу.