Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа хыркәшоуп

Ашәахьа шьыбжьышьҭахь Урыстәыла –украинатәи аиҿцәажәарақәа ирылагеит Белоруссиа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik. Белоруссиа, Гомельтәи аобласт аҿы имҩаԥысуаз Урыстәыла –украинатәи аиҿцәажәарақәа хыркәшахеит, абри атәы ааицҳауеит РИА Новвости акорреспондент.
Уи аԥхьа Зеленски иофис аҟнытәи аҳәамҭа ҟарҵеит аиҿцәажәарақәа "ирхадоу"- ирлас ахымца аанкылареи Украина аҵакыра аруаа ралгареи ауп ҳәа.
Урыстәылатәи аделегациа напхгара аиҭоит атәыла ахада ицхырааҩ Владимир Медински.
Украина адемилитаризациеи аденацификациеи рзы арратә аоперациа иалагеит жәабран 24 азы. Арратә операциа ишалагаз рылаҳәо Путин "аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа ацхыраараз Урыстәыла иаҳәеит", ҳәа азгәеиҭеит. Путин украинатәи аруаа рахьгьы ааԥхьара ҟаиҵеит украинатәи анапхгара иҟарҵо ацәгьоуратә дҵақәа нарымгӡарц, рабџьар шьҭаҵаны рыҩныҟақәа ицарц.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы. Иазгәарҭеит, аруаа русура шеиԥдырҟьо, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа шракәу ааха зырҭо.