Аԥсны

Агәабзиарахьчара аминистрра алхрақәа рыламҭалаз COVID-19 азы азԥхьагәаҭарақәа акьыԥхьит

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны акоронавирус рыдырбалахьеит 51901-ы, ашәҟәы иҭагалоуп 651 ԥсыҭбара.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистрра Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа рыламҭалаз COVID-19 аҽацәыхьчаразы абжьгарақәа шьақәнарӷәӷәеит ҳәа аанацҳауеит Алхратә комиссиа хада.
Абжьгарақәа инарықәыршәаны абжьыҭара мҩаԥысуазароуп аԥенџьырқәа змоу ауадақәа рҿы, урҭ аатуазароуп аԥшаҩнарсраз. Иалшозар, аҩналарҭеи адәылҵырҭеи хаз-хазызароуп.

Асоциалтә бжьаӡара акәзар, 1,5-2 метрак иҟазароуп. Арахь иаҵанакуеит алхыҩцәа реиԥш алхратә комиссиа алахәылацәагьы анаԥшцәагьы рыбжьара. Убри аан акомиссиа русушьа еилыкка иубозароуп.

Аҩналарҭаҿы анеирҭа-ааирҭа ахырхарҭақәа арбазароуп ауаа рацәа меизарц азы. Иара убасгьы иахәҭоуп авирус аҽацәыхьчаразы абжьыҭара инеиуа ауаа рзы арзҩыдаратә хархәагақәа ахьрырҭо аҭыԥ. Уи адагьы алхырҭатә ҭыԥцыԥхьаӡа акоронавирустә инфекциа азԥхьагәаҭараз ардыррақәа кыдҵазароуп.
Алхратә комиссиа алахәылацәа рнапқәа дырзҩыдалароуп, асабрадақәа есхсааҭк ирыԥсахлароуп.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Апрокуратура хада Жәлар Реизарахь алхрақәа раамҭазы аусура арӷәӷәоит
Анҭыҵтәи абжьыҭараангьы арҭ агәҽанҵарақәа хымԥадатәуп: антисептикқәа рыла ашә азарзақәеи еиҭарго акәалаԥи арзҩыдара, зныкшәҵаратә халаҭқәа, анапхаҵақәа, асабрадақәа рымазароуп, рсоциалтә бжьаӡара 1,5-2 метра еиҵамзароуп.
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит хәажәкыра 12 рзы, 35 алхырҭатә ҭыԥ хада рҿы. Апарламент абыжьбатәи ааԥхьара ҿыц атәыла азакәанԥҵаратә политика иааиуа ахәышықәса аус аднаулалоит.
Абжьыҭара рылшоит абри амш аҽны 18 шықәса иҭысхьоу зегьы.