АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Амилаҭеилыхыҩцәа украинатәи атехника иақәланы урыстәылатәуп ҳәа рыларҳәоит уи азы аџьшьара роурц ҳәа еиҭарҳәоит Донецк Жәлар рмилициаҿы ҳәа аҩуеит РИА Новости.
"Украинатәи малуаак иҭадырхо аурыс техниказ 500 - 1000$ инаӡо ԥарала аџьшьара шыҟарҵо анрыларҳәа ашьҭахь украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа украинатәи атехника иақәланы урыстәылатәуп ҳәа рыларҳәо иалагеит", - ҳәа аҳәоит Telegram аҿтәи адырраҿы.
ДЖәР Жәлар рмилициа аҳәамҭа ҟарҵоит "Зеленски идҵала абџьар зауыз амилаҭеилыхыҩцәа реиҿкаарақәа уи абџьар аҭынч уааԥсыра рахь идырхеит арҳәрақәа рзы ҳәа аинформациа ҳауеит" ҳәа.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла ашәахьа ашьыжь 1,1 нызқь хыбра рхәашоуп: аҳаиртә баӷәазақәа, ар рнапхгаратә ҭыԥқәа, арадиолокациатә станциақәа. Хылаԥшра рырҭоит Чернобыльтәи Запорожиатәи АЕСқәа. Аа-шықәса рышьҭахь Аҩада-Ҟрымтәи аканал ала Ҟрымҟа аӡы неиуа иҟаҵоуп. Ажәыларақәа еиуиеԥшым ахырхараҭқәа рыла имҩаԥысуеит, Украина ажәҩантә ҵакыра аҳаиртә мчрақәа рнапаҿы иҟоуп.
Аурыс ир аҟынтә иҟоуп ихәу. Иҭахаз, аха украинатәи ар рцәыӡқәа акыр еиҳауп. Аусбарҭа ишаҳәо ала, зхала забџьар шьҭазҵаз ршәарҭадара хәдықәҵара азуп. Убри аан украинатәи амчрақәа ареактивтә системақәа Киеви егьырҭ ақалақьқәеи рҟны ауаа ахьеиланхо иқәдыргылоит. Путин ари атеррористцәа иртактикоуп ҳәа ахиҳәааит.