Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Путин Макрон иеиҳәеит Урыстәыла Арбџьармчқәа Украина аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел заседание Совета по развитию физической культуры и спорта
Президент РФ В. Путин провел заседание Совета по развитию физической культуры и спорта - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2022
Анапаҵаҩра
Ашәахьа, жәабран 28 азы имҩаԥысит Владимир Путини Еммануель Макрони ҭелла реицәажәара.
АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин франциатәи иколлега Еммануель Макрон даниацәажәоз иҳәеит урыстәылатәи Арбџьармчқәа Украина аҭынч уааԥсыра ашәарҭара ишҭадмаргыло иара убас, аграждантә хыбрақәа ааха шрырымҭо, абри атәы аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.
"Урыстәыла ахада ахшыҩ зышьҭра аиҭеит, урыстәылатәи Арбџьармчқәа Украина аҭынч уааԥсыра ашәарҭара ишҭадмаргыло, аграждантә хыбрақәа ааха шрырымҭо. Ашәарҭара зхылҵуа украинатәи амилаҭеилыхцәа шракәу, урҭ аҭынч уааԥсыра хыхьчагас ишыҟарҵаз. Аиланхарҭа ҭыԥқәа рҿынтәи Донбасс ақалақьқәа ирылахысуеит", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Путин иара убасгьы иазгәеиҭеит, Украина акәша-мыкәша аҭышәнартәалара алзаршо закәанла Урыстәыла аинтерес зыхьчо ашәарҭадара шакәу.
Урыстәыла ахада Владимир Путини Франциа ахада Еммануель Макрони еибырҳәеит аимадараҿ иҟазарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0