Аԥсны

Пасечник Бжьаниа ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Лугансктәи ареспублика ахьыԥшымра ахьазхеиҵаз азы

Жәабран 25 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Донбасс ареспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 1- Sputnik. Лугансктәи жәлар рреспублика ахада Леонид Пасечник официалла Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Лугансктәи ареспублика ахьыԥшымра ахьазхеиҵаз азы. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Пасечник игәаанагарала, ари ашьаҿа ишьақәнарӷәӷәоит Аԥсны аганахьала аиашьаратә дгылара аҭоурыхтә иашара шышьақәнаргыло.

"Агәра згоит ари ахҭыс еиҳагьы ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шьақәнарӷәӷәап ҳәа, Луганск ауаажәларра ахақәиҭреи аҿиареи азы рзин хәдықәҵара азыҟанаҵап ҳәа", - аҳәоит аашьҭымҭа.

Аԥсны – Урыстәылатәи Афедерациа ашьҭахь Лугански Донецки рхьыԥшымра азхазҵаз аҩбатәи тәылоуп. Аслан Бжьаниа ареспублика аиҳабыра рнапы ианиҵеит Аԥсни Донбасстәи ареспубликақәеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭрақәа аздырхиарц.
Бжьаниа игәаанагарала, Аԥсны ажәлари Донбасс ажәлари рлахьынҵа акыр еиԥшуп. Ахада иҳәеит Урыстәыла Лугански Донецки рхьыԥшымра азхаҵаразы аӡбамҭа иашоуп ҳәа ишишьо.
Аԥсны
Пушилин ахҳәаа ҟаиҵеит Аԥсны ДЖәР ахьыԥшымра ахьазханаҵаз