Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Пушилин ахҳәаа ҟаиҵеит Аԥсны ДЖәР ахьыԥшымра ахьазханаҵаз

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДенис Пушилин
Денис Пушилин - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны - аҩбатәи ҳәынҭқарроуп Урыстәылатәи Афедерациа анаҩс донбасстәи ареспубликақәа рхьыԥшымра азхазҵаз.
АҞӘА, жәабран 26 – Sputnik. Аԥсны Донецк жәлар рреспублика ахьыԥшымра азхаҵарала атәылақәа реизыҟазаашьа иҿыцу аҩаӡарахь икылнагоит иҳәеит ДЖәР ахада Денис Пушилин.
"Аԥсны иҭабуп Донецктәи жәлар рреспублика ахьыԥшымра азхаҵара аӡбамҭаз! Уи иалнаршоит ҳаизыҟазаашьақәа иҿыцу аҩаӡарахь анагара", - хәа кьыԥхьуп Пушилин иҳәамҭа Telegram аҟны.
Иара иажәақәа рыла, иахьа ДЖәР амчқәа зегь рхоуп ареспублика аҭынчԥсҭазаара азырхынҳәра.

"Иуадаҩуп, аха ҳара ҳамчқәа ҳрықәгәыӷны ԥхьаҟа ҳцоит. Ҳара иҳадгыло рганахь ала иарбан ажәазаалак ҳгәы шьҭнахуеит, амч ҳанаҭуеит, уи алагь аиааирагь ааигәаҳтәуеит", - иҳәеит Пушилин.

Ахәаша, жәабран 25 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусԥҟа инапы аҵаиҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы.
Бжьаниа атәыла аиҳабыра рнапы ианиҵеит иазхаҵоу атәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьеи, аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵаразы ашәҟәқәа еиқәдыршәарц.
Флаг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2022
Аԥсны
Аԥсны ЛЖәРи ДЖәРи рхьыԥшымрақәа азханаҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0