АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин иахьатәи аамҭаз иҟаиҵаз ашьаҿақәеи иусмҩаԥгатәқәеи 15 шықәса раԥхьа ҳгәызҳҽаниҵоз аус ауп иҳәеит Пентагон уаанӡатәи ахада иабжьгаҩ аполковник Дуглас Макгрегор.
Иара иажәақәа рыла, Путин иҳәон Америкатәи арбџьармчқәеи аракетақәеи иара иҳәаа рҽазааигәатәра шимчҳауа - ЕАА Урыстәылатәи аруаа Куба аҟазаара ишанымшәо еиԥш.
Макгрегор инаҵшьны иазгәеиҭеит, Урыстәыла ахада арратә операциа ҷыда далагеит избанзар иааирԥшуаз агәаҽанызаара хьаас иҟарымҵаӡеит.
Иара убасгьы иҳәеит, Украина мрагыларатәи ахәҭаҿы аибашьра аҵыхәтәахьы ишнеиз: Украина Арбџьармчқәа ирыкәшеит, рыҽрырымҭар зегь ҭахоит ҳәа.
Макгрегор агәра ганы дыҟоуп, Зеленски идыргало дақәшаҳаҭхар акәхоит ҳәа.
"ЕАА ирҳәахьеит, Украина азын анеитралтә хырхарҭа алихыр, адгылара ширҭо", - ҳәа иҳәеит аполковник
Пентагон уанӡатәи ахада иабжьгаҩ иажәақәа рыла, Путин Украина акәӡам ииҭаху - иара изын ихымԥадатәиу анеитралтә статус ауп. Еиду Америкатәи аштатқәа ара рхы аларымгалароуп, еиҳаракгьы асанкиақәа рыҟаҵараҿы ҳәа азгәеиҭеит Макгрегор.