Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Шоигу Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аоперациа ахықәкы хада далацәажәеит

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация на границе Крыма с Украиной
Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2022
Анапаҵаҩра
Жәабран 24 азы Украина арратә операциа ҷыда иалаган.
АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik. Урыстәылатәи ар арратә операциа ҷыда Украина имҩаԥыргалоит рҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкқәа зегь нарыгӡаанӡа, раԥхьа иргыланы Мраҭашәара аганахь ала Урыстәыла шыхьчоу еилкаахаанӡа ҳәа аҩуеит РИА Новости Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа ргәыԥ арратә операциа мҩаԥыргалоит рҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкқәа нарыгӡаанӡа", - ҳәа иҳәеит Шоигу аселектортә еилацәажәараҿы.

Иара иажәаәқа рыла, арратә операциа мҩаԥысуеит Донбасс ауааԥсыра рыхьчареи Украина абџьархыхреи рымҩаԥгаразы.
"Ҳара ҳзы раԥхьа иргыланы украинатәи ажәлар ҳҿазыргыло Мраҭашәара аганахь ала Урыстәыла шыхьчоу аилкаароуп", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Встреча президента РФ В. Путина с представителями российских деловых кругов - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин: аиҿцәажәарақәа рзы Киев иамаз алшара ахархәара анамҭеит
Иара иазгәеиеҭит, Урыстәыла Украина ампыҵахалара гәҭакыс ишамам, аҭынч уааԥсыра рыхьчара шымҩаԥнаго.
"Инаҵшьны иазгәасҭоит ажәыларақәа шымҩаԥысуа арратә ҵакырақәа мацара ирықәкны", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Шоигу иажәақәа рыла украинатәи аган аибашьра ацараан ареактивтә системақәа, аминаршәгақәа анхарҭаҩнқәа, ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа ишрывадыргыло, аҭынч уааԥсыра рыла рхы шырыхьчо.
Военная техника перед ночной репетицией парада Победы - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла "Аиадертә триада" аҷаԥшьара мҩаԥысуеит еилазаара ӷәӷәала
Ажәабжьқәа зегьы
0