Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла ҳаиртә баӷәазақәак хәажәкыра 8 рҟынӡа русура аанкылоуп

Росавиациа атәыла аладахьы иҟоу ҳаиртә баӷәазақәак русура ааннакылеит жәабран 24 инаркны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Урыстәыла аладахьи агәҭантәи ахәҭеи рҿы аҳаиртә баӷәазақәа аамҭала русура аанкылоуп хәажәкыра 8 асааҭ 03:45, ҳәа аанацҳауеит Росавиациа.

"Урыстәыла аладахьи агәҭантәи ахәҭеи рҿы аҳаиртә баӷәазақәа аамҭала русура аанкылоуп хәажәкыра 8 асааҭ 03:45 москватәи аамҭа инақәыршәаны", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.

Аамҭала зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа иреиуоуп:
Анапа,
Белгород,
Брианск,
Воронеж,
Геленджик,
Краснодар,
Курск,
Липецк,
Ростов-на-Дону,
Симферополь,
Елиста.
Егьырҭ Урыстәыла аҳаирбаӷәазақәа, жәларбжьаратәиқәагьы убрахь иналаҵаны, абжьааԥнеиԥш аус руеит.

"Иарку аҳаирбаӷәазақәа рахь апассаџьырцәа рымҩангаразы урыстәылатәи аҳаиртә еилахәырақәа ирабжьгоуп Шәача, Волгоград, Минеральные воды, Ставрополь, Москва рҿы иҟоу аҳаиртә баӷәазақәа рхархәара", - ҳәа азгәарҭоит Росавиациаҿы.
Аусбарҭа иара убас, адырра ҟанаҵоит аҳаиртә баӷәазақәеи аҳаиртә еилахәырақәеи русураҿы аԥсахрақәа ҳәа акыр ҟалозар, аофициалтә саитқәа рҟни асоциалтә ҳақәа рҟни ауааԥсыра адырра шрырҭало.