Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Зеленски Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ шьҭахьҟа дирхынҳәит

Қарҭ есҽны имҩаԥысуеит Мраҭашәара Урыстәыла аганахьала иаланагалаз афинанстәи аекономикатәи санкциақәа Қырҭтәылагьы рыдгыларц азы ауаа рықәгыларақәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik. Украина ахада Владимир Зеленски аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ шьҭахьҟа дыширхынҳәуа азы, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Уаанӡа Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Гарибашвили аҳәамҭа ҟаиҵахьан Мраҭашәара Урыстәыла аганахьала иаланагалаз афинанстәи аекономикатә санкциақәа Қырҭтәыла шрыдымгыло. Қарҭ имҩаԥысуеит аԥыза-министр имаҵура иамхразы адҵа ҟазҵо ажәлар рықәгыларақәа.
"Уажәыҵәҟьа Қырҭтәылантәи ҳацҳаражәҳәаҩ дҳархынҳәуеит хатәгәаԥхарала иҳацхраарц иаар зҭаху ауаажәлар иахьырԥырхагоу азы, асанкциақәа иахьрыдымгыло азы", - иҳәеит Зеленски ааԥхьараҿы.
Урыстәыла иҷыдоу арратә операциа иалагеит Украина аԥшьаша жәабран 24 ашьыжь шаанӡа. Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин иажәақәа рыла, уи хықәкыс иамоуп "аашықәса раахыс киевтәи арежим аргәаҟрақәеи аныӡаареи иҭанаргылаз ауаа рыхьчара".
Аԥсны
Қырҭтәыла ААР аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь амчра ахы ишанамырхәо азы