https://sputnik-abkhazia.info/20220301/yrtyla-aar-aama-anaeit-asni-aakhy-uastylei-rakh-amchra-akhy-ishanamyrkho-azy-1037865144.html
Қырҭтәыла ААР аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь амчра ахы ишанамырхәо азы
Қырҭтәыла ААР аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь амчра ахы ишанамырхәо азы
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада ареспублика Арбџьармчқәа аҽазыҟаҵара рымазарц адҵа риҭеит. Аахыҵ Уаԥстәылагьы ареспубликеи Қырҭтәылеи рҳәаа ахьчара рӷәӷәазарц адҵа ҟаҵоуп. 01.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-01T14:45+0300
2022-03-01T14:45+0300
2022-03-01T14:45+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
джәр
лжәр
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/08/15/1030798178_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_8d94ce982f07afc79b6dbd7cea3620bd.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik. Қырҭтәыла ААР аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи "рырхынҳәразы" амчра ахы ишанамырхәо. Абри атәы иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиани ателеилахәыра "Рустави 2" аефир аҿы.Жәабран 21 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ареспублика Арбџьармчқәа аҽазыҟаҵара рымазаарц адҵа риҭеит Қырҭтәыла аҳәааҿы аҭагылазаашьа ахылаԥшразы.Ашәахьа Аахыҵ Уаԥстәыла АШәХ аҳәамҭа ҟанаҵеит Аахыҵ Уаԥстәыла ареспубликеи Қырҭтәылеи рҳәаа ахьчара рӷәӷәазарц. Ареспублика ахада Анатоли Бибилов иажәақәа рыла, аҳәаа ааигәара Қырҭтәыла аганахьала ар рҽеизакра мҩаԥысуеит.Залкалиани Қырҭтәыла "амч ахамырхәара закәанла ахахьы иагеит уи азы шәарҭарак ахылҵуам" ҳәа азгәеиҭеит.Уи адагьы, иара иажәақәа рыла, ақырҭуа ган Женеватәи аиҿцәажәарақәа ишырлахәылоу иаанхоит ари атема дмырцыхцыхларц.Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса жьҭаарамза раахыс, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа инадыркны. Иахьазы ари аҭыԥ заҵәык ауп Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла еиқәшәаны еицәажәар ахьрылшо. Иара иалахәуп: Урыстәыла, Еиду Америкатәи аштатқәа (ЕАА), Ихьыԥшым амилаҭқәа реиҿкаара (ИАР - ООН), Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Европатәи аиҿкаара (ААЕА - ОБСЕ), Евроеидгыла рхаҭарнакцәа.Аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны итема ахадны ишьоуп аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа аганқәа амчра ахамырхәараз рҽазышәарақәа аазырԥшуа ҿырҳәалатәи аҳәамҭа аицыҟаҵара. Уи Қырҭтәылеи Аԥсни, Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраз раԥхьатәи шьаҿахоит. Москва, Цхинвал, Аҟәа изныкымкәа Қарҭ ааԥхьара арҭахьеит ари аиқәшаҳаҭра анапы аҵанаҩырц, аха Қарҭ уи аҭакԥхықәра Урыстәыла аҵагылароуп ҳәа иашьоит. Убри аан Қырҭтәыла аимак иаганны иҟам.Аԥснытәи аделегациа азыхиоуп ари амеханизм иалахәны аусура, Женеватәи аиҿцәажәарақәа реилазаара иахәҭакны ишьо.
https://sputnik-abkhazia.info/20220221/bzhania-dzhrei-lzhrei-ragylazaasha-inamadany-amchrat-usbaraa-anapynaa-rieit-1037695868.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220228/alada-uastyla-yrtyla-aganakh-ala-aaa-areit-1037854559.html
https://sputnik-abkhazia.info/20201113/Adnyati-ausa-rministrra-Asny-Zhenevati-aformat-map-atsnakuam-1031279629.html
джәр
лжәр
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/08/15/1030798178_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_821657900236748b129842af11d95d47.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, джәр, лжәр
Қырҭтәыла ААР аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь амчра ахы ишанамырхәо азы
Аԥсны ахада ареспублика Арбџьармчқәа аҽазыҟаҵара рымазарц адҵа риҭеит. Аахыҵ Уаԥстәылагьы ареспубликеи Қырҭтәылеи рҳәаа ахьчара рӷәӷәазарц адҵа ҟаҵоуп.
АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik. Қырҭтәыла ААР аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи "рырхынҳәразы" амчра ахы ишанамырхәо. Абри атәы иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиани ателеилахәыра "Рустави 2" аефир аҿы.
Жәабран 21 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ареспублика Арбџьармчқәа аҽазыҟаҵара рымазаарц адҵа риҭеит Қырҭтәыла аҳәааҿы аҭагылазаашьа ахылаԥшразы.
Ашәахьа Аахыҵ Уаԥстәыла АШәХ аҳәамҭа ҟанаҵеит Аахыҵ Уаԥстәыла ареспубликеи Қырҭтәылеи рҳәаа ахьчара рӷәӷәазарц. Ареспублика ахада Анатоли Бибилов иажәақәа рыла, аҳәаа ааигәара Қырҭтәыла аганахьала ар рҽеизакра мҩаԥысуеит.
Залкалиани Қырҭтәыла "амч ахамырхәара закәанла ахахьы иагеит уи азы шәарҭарак ахылҵуам" ҳәа азгәеиҭеит.
"Ари жәларбжьаратәи аилазаара аҿаԥхьа ҳҭакԥхықәроуп. Аҵакыратә акзаара ахьчаразы амч ҳхы иаҳархәом, бџьаршьҭыхлагьы ҳаиҿагылом. Ҳполитика аҭынч ҟазшьа амоуп", - ҳәа иҳәеит Залкалиани.
Уи адагьы, иара иажәақәа рыла, ақырҭуа ган Женеватәи аиҿцәажәарақәа ишырлахәылоу иаанхоит ари атема дмырцыхцыхларц.
Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса жьҭаарамза раахыс, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа инадыркны. Иахьазы ари аҭыԥ заҵәык ауп Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла еиқәшәаны еицәажәар ахьрылшо. Иара иалахәуп: Урыстәыла, Еиду Америкатәи аштатқәа (ЕАА), Ихьыԥшым амилаҭқәа реиҿкаара (ИАР - ООН), Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Европатәи аиҿкаара (ААЕА - ОБСЕ), Евроеидгыла рхаҭарнакцәа.
Аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны итема ахадны ишьоуп аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа аганқәа амчра ахамырхәараз рҽазышәарақәа аазырԥшуа ҿырҳәалатәи аҳәамҭа аицыҟаҵара. Уи Қырҭтәылеи Аԥсни, Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраз раԥхьатәи шьаҿахоит. Москва, Цхинвал, Аҟәа изныкымкәа Қарҭ ааԥхьара арҭахьеит ари аиқәшаҳаҭра анапы аҵанаҩырц, аха Қарҭ уи аҭакԥхықәра Урыстәыла аҵагылароуп ҳәа иашьоит. Убри аан Қырҭтәыла аимак иаганны иҟам.
Уи адагьы, аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы ақырҭуа-аԥсуа механизм Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаа иҭакӡаны ирылацәажәоит. Аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы ақырҭуа-аԥсуа механизм (МПРИ) аформат ала аиԥыларақәа ирылаган 2009 шықәса рзы Гал ақалақь аҿы. 2018 шықәса раахыс аамҭала иаанкылоуп.
Аԥснытәи аделегациа азыхиоуп ари амеханизм иалахәны аусура, Женеватәи аиҿцәажәарақәа реилазаара иахәҭакны ишьо.