АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак аԥшьаша, хәажәкыра 3 рзы ӡыда иаанхоит ҳәа аанацҳауеит "Аӡыканал".
Кәыҵниа имҩаҿы аӡымҩангага аремонт азура инадҳәаланы хәажәкыра 3, асааҭ 00:00 -18:00 рыҩнуҵҟа Турбазеи Кәыдрытәи амҩадуи рҟны аӡы аанкылахоит ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Уи аԥхьа Аҟәа мрагыларатәи араионқәа ӡыда иҟан аӡыҭгагатә станциа "Кьалашәыр" аусура ахьеиԥҟьаз иахҟьаны.