Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Аоперациа ҷыда иалагеижьҭеи Лугансктәи Жәлар рмилициа 40 еиланхарҭа ҭыԥ рхы иақәиҭыртәит

Бжьымш ирықәуп Украина абџьархыхразы Урыстәылеи Донбасстәи ареспубликақәеи арратә операциа мҩаԥыргоижьҭеи.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. Аоперациа ҷыда иалагеижьҭеи Лугансктәи Жәлар рмилициа 40 еиланхарҭа ҭыԥ рхы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Украина арратә мчрақәа ЛЖәР жәынтә иалахысит ҳәа аанацҳауеит ЛЖәР Жәлар рмилициа Telegram-канал аҿы.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, арратә операциа иалагазар, 34-ҩык украинатәи аруаа Лугансктәи ареспубликахь ииасит, урҭ рҟынтәи хәҩык амедицинатә цхыраара рырҭоит.
Жәабран 21 рзы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара ашьҭахь Урыстәыла ахада Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра шазхеиҵо азы Аусԥҟа инапы аҵаҩит. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа аминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭала, Донбасс ареспубликақәа азхаҵоуп рзинмч ахархәара ахьамоу аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Атәылахьчара аминистрра алаҳәара ҟанаҵеит Урыстәылатәи ар аҭынч уааԥсыра ԥырхага шрырымҭо, арратә инфраструктура мацара шышьақәырҟьо.