Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Атәылахьчара аминистрраҟны Донбасс ахьчаразы аоперациа ҷыда аан шаҟа цәыӡ роуз рҳәеит

Украина абџьар рхыхразы арратә аоперациа ҷыда цоижьҭеи мчыбжьык ҵуеит, уи аамҭа иалагӡаны урыстәылатәи аруаа УАМ ацәыӡқәа роуит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik. Урыстәыла арратә операциа ҷыда иалагеижьҭеи Украина аруааи амилаҭеилыхыҩцәеи рҟынтәи иҭахаз 280-ҩык ыҟоуп, Урыстәыла Арбџьармчқәа - 498 ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков.
"Амилаҭеилыхыҩцәа УАМ аруааи ацәыӡқәа ирымоу ахыԥхьаӡара абас иҟоуп, ишьуп 2870-ҩык, ахәрақәа роуит 370-ҩык. Ишьақәырӷәӷәоу адыррақәа рыла, Украинатәи амчратә усбарҭақәа рҟынтәи итҟәоуп 572-ҩык", - ҳәа иҳәеит аинрал.
Иазгәеиҭеит, аоперациа ҷыда ишалахәым акурсантцәеи, аррамаҵзура иахысуеи.
"Руалԥшьа анагӡараан иҭахеит урыстәылатәи аруаа 498-ҩык. Ахәрақәа роуит 1597-ҩык", - иҳәеит Конашенков.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Лавров: Урыстәыла азыхиоуп ашәарҭадара ахәдықәҵаразы Украина ацәажәара
Жәабран 21 азы Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа Урыстәыла ахадарахь иҟарҵаз аҳәара инақәыршәаны Урыстәыла ахада арҭ ареспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаны жәабран 24 азы Украина абџьархыхразы арратә операциа ҷыда далагеит. Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәараз иахьатәи украина анапхгара ишырхароу. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы. Иазгәарҭеит, аруаа русура шеиԥдырҟьо, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа шракәу ааха зырҭо.