Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Лавров: Урыстәыла азыхиоуп ашәарҭадара ахәдықәҵаразы Украина ацәажәара

© Foto / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча главы МИД РФ С. Лаврова с президентом Швейцарии И. Кассисом
Встреча главы МИД РФ С. Лаврова с президентом Швейцарии И. Кассисом  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik. Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа аҩбатәи араунд аҟны ашәарҭадара ахәдықәҵара алацәажәара ҳазыхиоуп хәа аҳәамҭа ҟаиҵеит ААР ахада Сергеи Лавров, абри атәы аҩуеит РИА Новости.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада иажәақәа рыла, иҵоуроу шьаҿоуп Украина ахада Владимир Зеленски ашәарҭадара ахәдықәҵара аиуразы агәаҳәара ахьиоуз.
Убри аан Лавров иҳәеит, Урыстәыла Украина аганахь ирымоу аҭахрақәеи аҳәареи уи рабџьаршьҭаҵара, рыцәхьаҵра акәӡам иаанаго, Москва акахьы еиизааибагар ауп иаҭаху.
Ихымԥадатәиуп Украина зхархәара ҟамло абџьар хкқәа разгәаҭара, ари азҵаара аоперациа ҷыдаҟны иарбоуп, иҳәеит аминистр.
Уажәтәи аиҿцәажәарақәа ирылахәхарц инеиз урыстәылатәи аделегациа раԥхьа имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа ирылахәыз роуп. Уи иалоуп Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Борис Грызлов, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Руденко, жәларбжьаратәи аусқәа рзы аилак ахантәаҩы Леонид Слуцки, атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Фомин, Урыстәыла ахада ицхырааҩ Владимир Медински.
Иҷыдоу арратә операциа иалагеижьҭеи Урыстәылеи Украинеи раԥхьатәи реиҿцәажәарақәа мҩаԥысит Белоруссиа ашәахьаҽны. Зеленски иофис иҟанаҵаз адыррала, "аиҿцәажәарақәа зҵаара хадас иӡбатәны ирымоуп – иаарласӡаны аибашьра аанкылареи Украина аҵакыра ар ралгареи".
Ажәабжьқәа зегьы
0