Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Песков: Урыстәыла Украинеи дареи реиҿцәажәара ацҵара иазыхиоуп ахаша ахәылбыҽха

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik. Урыстәылеи Украинеи реицәажәара алшоит хәажәкыра 2 ахәылбыҽха, урыстәылатәи аган иарбоу аҭыԥ аҿы украинатәи аделегациа ирзыԥшуеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа шьаҭас иганы.
"Иахьа, амш аҩбатәи ахәҭазы урыстәылатәи аган иарбоу аҭыԥ аҿы украинатәи аделегациа ирзыԥшызаауеит. Ҳделегациа азыхиоуп аиҿцәажәара", - иҳәеит Песков.
Песков иҳәеит егьырҭ аинформациақәа еиҿагыло аҟазшьа шрымоу. Песков иара убасгьы аиԥылара ҟалар ахьалшо аҭыԥ аӡбахә имҳәеит.
РИА Новости адипломатиатә еилазаараҿы иамоу ахыҵхырҭа адырра ҟаиҵеит аиҿцәажәара мҩаԥысраны иҟоуп, аха аамҭа макьаназ ишьақәырӷәӷәам ҳәа.
Уаанӡатәи аиԥылара мҩаԥысит жәабран 28 азы Гомельтәи аобласт аҿы, Белоруссиа. Аиԥылара хә-сааҭк инарзынаԥшуа имҩаԥысуан.