Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Ҭырқәтәыла Урыстәыла иадҟарҵало асанкциақәа ирылахәхом ҳәа рҳәеит Анкара

Ҭырқәтәыла ргәы иҭам Мраҭашәара атәылақәа Украина иахырҟьаны Урыстәыла иадҟарҵало асанкциақәа рыҽрылархәра.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. Ҭырқәтәыла Урыстәыла иадҟарҵало асанкциақәа ирылахәхом, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мевлиут Чавушоглуи ахада ицхырааҩ Ибрагим Калыни ражәақәа шьаҭас иааганы.

"Ҳара арҭ асанкциақәа ҳрылахәым, ҳрылахәхарцгьы ҳагәҭакым", - ҳәа Ҭырқәтәыла ААР ахада иажәақәа аанагоит амаҵзура Anadolu Twitter аҿы.

Ҭырқәтәыла ахада ихаҭарнак Ибрагим Калын иҳәеит, Москва аганахьала Анкара асанкциақәа аланагалом, Урыстәылеи дареи реимадара аатызарц.
"Ҳара ҳтәыла ҳазхәыцуазароуп. Дыҟазароуп актор, Урыстәыла ацәажәара зылшо. Асанкциақәа ҟаҳҵом, иагьазыԥхьагәаҳҭом", - ҳәа Калына иажәақәа аанагоит CNN Turk.
Мраҭашәара Урыстәыла аганахь асанкциа ҿыцқәа аланагалеит. Убас, ЕЕ урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы аҳаиртә ҵакыра анаркит. Аҭахкааратә политикеи аекономикатә санкциақәеи Урыстәыла аганахь алаирылагеит Владимир Путин донбасстәи ареспубликақәа рхьыԥшымра аназхаиҵа ашьҭахь. Иара убас, аҩашаҽны ЕАА урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы аҳауатә еимадара анаркит.
Иара убасгьы ЕЕ Абанк хада арезервқәеи активқәеи рнапхгара иадҳәалоу аоперациақәа ааннакылеит. Убри аан ада ԥсыхәа ҟамлар, ЕЕ аҳәынҭқаррақәа афинанстә ҭышәынтәаларазы Абанк хада аус ацырур ҟалоит. ЕЕ адипломатиа ахада Џьозеп Боррель иҳәеит, Урыстәыла АХ афинанстә резерв хадақәа реиҳара ааныркылар шалшо.
ФРГ аминистрцәа реилазаараҿы ирҳәеит асанкциақәа ирыҵаркыз урыстәылатәи абанкқәа зегьы аԥарашәаратә система SWIFT ишаҿырго.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Евроеидгыла урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы аҳауатә еимадара анаркит
Москва аҭак шьаҿақәа ирылагеит, европатәи аҳаирпланқәа рзы ахатә ҵакыра анаркит. Абанк хада акәзар, 20% азыԥҵәақәа шьҭнахит, акциақәа рыла ахәаахәҭра мап ацәнакит.
Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иҳәеит Урыстәыла иаларгалар зылшоз асанкциақәа акраамҭа рҽырзыҟанаҵон, иахьатәиқәагьы налаҵаны ҳәа.