Аԥсны

Аԥсны иҟоу Урыстәыла арратә базақәа атанктә биатлон азы аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит ахысырҭа адәы Прудбои Волгоградтәи аобласт аҟны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik. Аԥсны, Ермантәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу арратә базақәа ртанктә екипажқәа атанктә биатлон азы аицлабрақәа рыҽрыздырхиоит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
Аицлабрақәа ирылахәхо зегьы ҳаамҭазтәи атанкқәа Т-72Б3 рыла еиндаҭлоит.
Аԥсны
Аԥсны иҟоу ААО аррамаҵзурауаа жәларбжьаратәи арратә еицлабрақәа АрМИ-2022 рҽырзыҟарҵоит
Атанкныҟәцаҩцәа атехника рнапахьы ишаарго, иарала иарбоу ацәҟьарақәа ишрықәдыршәо уҳәа аадырԥшыроуп.
Аҽазыҟаҵарақәа раан ҷыдала иашьклаԥшуеит атрасса аштрафтә очкоқәа умамкәа рхысра, ацәҟьара ақәыршәара. Акомандақәа рҵара мҩаԥыргоит еиуеиԥшым арратә еиндаҭларақәа рлахәылацәа, жәларбжьаратәи ахәмаррақәа риааиҩцәа.
ААО акомандаҟаҵара иазгәанаҭоит аррамаҵзурауаа разыҟаҵара аҩаӡара ҳарак шамоу, аекипажқәа зегьы шыхиоу.