Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ЛЖәР Жәлар рмилициа аҽа быжь-еиланхарҭак рнапахьы иааргеит

Урыстәылатәи арбџьармчқәа рыцырхырааны ДЖәР-и ЛЖәР-и рырхәҭақәа ауааԥсыра реиланхарҭақәа рхы иақәиҭыртәуеит украинатәи ар рҟынтәи.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 3 - Sputnik. Луганск Жәлар рмилициа аҽа быжь-еиланхарҭак, Старобельск назлоу рнапахьы иааргеит ҳәа аарыцҳауеит Telegram аҿы.
Иазгәаҭоуп ииасыз уахыки-ҽнаки рыла украинатәи аруаа ԥшьынтә аиланхарҭақәа ирылахысит агәыцәду абџьар ала. 15 шықәса зхыҵуаз ҩыџьа ақәыԥшцәа ахәрақәа роуит.
"Жәлар рмилициа Украинатәи аруаа рҟынтәи рхы иақәиҭыртәуеит аиланхарҭақәа. ЛЖәР анапахьы ииасит: Новоаидар, Краснореченскаиа, Епифановка, Степнои Иар, Гавриловка, Старобельск, Андреевка", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Жәабран 21 аза Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵаҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа. Жәабран 24 азы телехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә аоперациа ҷыда ишалаго азы. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа ацхыраараз Урыстәыла иаҳәеит", - иҳәеит иара. Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәараз иахьатәи Украина анапхгара ишырхароу.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы. Иазгәарҭеит, аруаа русура шеиԥдырҟьо, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа шракәу ааха зырҭо.