Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Украина 1612 арратә ҵакыра шьақәнарҟьеит

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы. Иазгәарҭеит, аруаа русура шеиԥдырҟьо, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа шракәу ааха зырҭо.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Украина 1612 арратә ҵакыра шьақәнарҟьахьеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Зынӡа аоперациа амҩаԥгараан 1612 аҵакыратә хыбрақәа рхәашоуп. Урҭ рҟынтәи 62 напхгараҭаратә пункт, аимадарақәа, 39 зенит-ракетатә комплексқәа ПВО С-300, "Бук М-1", "Оса", 52 арадиолокациатә станциа", – иҳәеит Конашенков.

Уи адагьы иҭархоуп: 49 ҳаирплан адгьыл аҿы, 13 ҳаирплан аҳауаҿ, 606 танки акәлӡтәы машьынақәеи, 67 реактивтә система (РСЗО), 227 аминаршәга, 53 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ЛЖәР Жәлар рмилициа аҽа быжь-еиланхарҭак рнапахьы иааргеит
Ииасыз амш азы ишьақәҟьан Украина Ашәарҭадаратә маҵзура Урыстәыла аҿагылараз ахы ианархәоз ателерадиоеилахәыратә центр. Аминистрраҿ аҳәамҭа ҟарҵоит аҭынчуааԥсыреи анхарҭаҩнқәеи ԥырхага шрымам.
Уи адагьы урыстәылатәи ар рнапахьы иааргеит аиланхарҭа ҭыԥқәа Чистополье, Новополтавку, Жовтневое, ақалақь Балаклеиа.