Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Аспортсменцәа реидгыла ақәыӡбоит урыстәылатәи аспортсменцәа рзын иаларгалаз аԥкрақәа

Урыстәыла иаҿагыланы иалагалоу асанкциақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла аҵакыраҿы имҩаԥысраны иҟаз аспорттә еицлабрақәа егьырҭ атәылақәа рахь ииаргеит, урыстәылатәи аспортсменцәеи акомандақәеи аҳәаанырцә рықәгылара азин рымхуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 3 - Sputnik. Урыстәыла аспортсменцәа Реидгыла (РСС) ақәыӡбеит Урыстәылеи Балоруссиеи рыспортсменцәа ирыдҟаҵало аԥкрақәа ҳәа аҳәоит Урыстәыла Аолимпиатә еилакы асаит.
Аҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп аспортсменцәа Реидгыла ахаангьы аолимпиатә традициақәа ишрыдгылоз, аҭынчреи азинеиҟарареи, аолимпиатә еилазаара аидгылареи пату шрықәнаҵоз.

"Аспорт ахаангьы аҭынчра иацҳаражәҳәаҩны ишьан, иарбан еимакызаалак аҭыԥ ақәҵара алнаршон. Абри ауп иахьатәи аолимпиатә еилазаара анапынҵақәагьы. Ус акәны иаабон мышқәак раԥхьа, Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилаки аспорттә федерациақәаки ҵаҵӷәыда аӡбара рыдыркылеит урыстәылатәии белоруссиатәии аспортсменцәа аицлабрақәа рылахәхара азин рымырхаанӡа", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.

Иара убасгьы иазгәаҭоуп, егьырҭ жәларбжьаратәи аимакқәа: Иугославиа, Ирак, Афганистан, Африка, Азиа, Латынтәи Америка ртәылақәа рҿы рыҟазаараан аспортсменцәа аимак иалахәны ишырымбоз.
"Адәныҟатәи ақәыӷәӷәарақәеи аполитикатә ҭахрақәеи ирхырҟьаны ҳара еснагь ҳазлахәны иаабоз аолимпиатә ҭаацәара ду аилаҳара иаҿуп", - ҳәа рыҩуеит аҳәамҭа авторцәа.
Урыстәыла аспортсменцәа Реидгыла жәларбжьаратәи аспорттә еиҿкаарақәа агеноцид мҩаԥыргоит урыстәылатәии белоруссиатәии аспортсменцәа рганахь ала ҳәа рҳәоит, аолимпиатә еилазаарагьы ыҵазырбго акәны иршьоит.