Аԥсны

Афонд "Ашана" бжьышықәса зхыҵуа Дамир Булискериа изы аԥареизгара хацнаркит

Дамир Булискериа дааижьҭеи еиуеиԥшым урыстәылатәи ахәшәтәырҭақәа рҟны ҩажәантә инареиҳаны дԥырҟахьеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аклоака аексрофиа, акьатеи кьаҿ адиагноз ззышьақәырӷәӷәоу Дамир Булискериа изы аԥареизгара хацнаркит.
Ахәыҷы имоу ачымазара ҷыда 400 000-ҩык рыбжьара аӡәы иоуа чымазароуп.
Дамир иаамҭа ааиаанӡа диит мгәарҭа фымз дыҟаны, еиуеиԥшым акьылқәа иманы, дани ашьҭахь, ахәбатәи амш аҽны Москваҟа ихәышәтәразы ддәықәҵан.
Аԥсны
Ақьиара амҩала: агәыҳалалратә фонд "Ашана" апроект ҿыц ахықәкы иалацәажәеит
"Дани кьылаки хышә грамм дыҟан, иара иаразнак Москваҟа ддәықәырҵеит. Уи аахижьҭеи Москва дыҟоуп, иахьазы акрыиҿарҵоит акапельницақәа рыла, зыхә цәгьоу ахәшәқәа идикылароуп. Ахьаақәа имоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит ианду Лиудмила Илиасова.
Анду лажәақәа рыла, Дамир урыстәылатәи атәылауаҩреи аԥгаԥсеи имаӡам, уи иахҟьаны хымз рыбжьара знык Аԥсныҟа длыманы даауеит.
Уажәтәи ихәшәтәразы 416 440 нызқь мааҭ аҭахуп, Булескериаа рҭаацәара рымч ақәхаӡом, дара арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны рылшарақәа кәадахеит.

"Зыхә цәгьоу ахәшәқәа идикылоит, мызкы миллионк инеиҳаны инаҳхуеит. Аԥара еизыргоит, аха ианаҭаху аамҭазы ианырзеидымкыло ыҟоуп, хара имгакәан аҳақьымцәа 23-тәи аԥҟара мҩаԥыргараны иҟоуп", - лҳәеит анду.

Ацхыраара шалыршатәу аилкаара алшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.