Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ақьиара амҩала: агәыҳалалратә фонд "Ашана" апроект ҿыц ахықәкы иалацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Презентация проекта Плоды Добра в ПЦ Sputnik
Презентация проекта Плоды Добра в ПЦ Sputnik - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2022
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана", аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны, ателеканал "Абаза ТВ" еилахәны ихацдыркит "Ақьиара алҵшәақәа" зыхьӡу апроект ҿыц. Уи аҵаки, аԥхьаҟатәи агәҭакқәеи ртәы ирзааҭгылеит Sputnik апресс- конференциаҟны.
АҞӘА, жәабран 18-Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Апроект "Ақьиара алҵшәақәа" хықәкыс иамоуп акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" жәашықәса ирҭагӡаны ацхыраара зырҭаз ахәыҷқәа рыԥсҭазаара аҽшеиҭанакыз ажәлар дырбара, лҳәеит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.

Мызкы ахь знык аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны асаит аҟны, "Ашана" ацхыраара зырҭаз ахәыҷқәа рыԥсҭазаашьа иазку астатиақәа ркьыԥхьлоит, иара убас ателеканал "Абаза ТВ" аефир аҟны идырбахоит анҵамҭақәа.

Акультура агәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа иазгәалҭеит, апроект ахы акуа ишалагаз ацхыраара зауз ахәыҷқәа рыԥсҭазаашьа атәы ажәлар адҵаало ианалага нахыс. Лара лажәақәа рыла, урҭ рызҿлымҳара иабзоурахеит "Ақьиара амҩала" апроект ашьақәгылара.
"Ажәлар лассы-лассы иҳазҵаауа иалагеит, ацхыраара заҳҭаз ахәыҷқәа ргәабзиара аҽшеиҭанакыз, урҭ ирлахьынҵахаз, рыԥсҭазаара анаҩс ишышьақәгылаз атәы аилкаара. Убасҟан иҳазцәырҵит аидеиа , ас еиԥш иҟоу апроект ҿыц аԥҵара. Ҳагәҭакы рыцеиҩаҳшеит ҳинформациатә дгылаҩцәа Sputnik Аԥсны, ателеилахәыра "Абаза ТВ". Жәаҳәарада адгылара ҳарҭеит, шьҭа иҳамоуп алшара ацхыраара заҳҭаз ахәыҷкәа рыԥсҭазаара атәы ажәлар рзеиҭаҳәара, дырбара",- лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Напеилаԥса ауаҩы дааӡоит: идырым ауаа ахәыҷы ихәшәтәразы ишцхырааз - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2022
Аԥсны
Напеилаԥса ауаҩы дааӡоит: идырым ауаа ахәыҷы ихәшәтәразы ишцхырааз
Мактина Џьынџьал лажәақәа рыла, жәашықәса ирылагӡаны афонд "Ашана" ацхыраара рынаҭеит 323-ҩык ахәыҷқәа, еизган 75 млн. 604 нызқь мааҭ аԥареи, агәабзиара аиҭашьақәыргылара азы акурсқәа 501, убас 300 инарзынаԥшуа агәыҳалалратә акциақәа.
"Ас еиԥш иҟоу апроект аиҿкаара, уи ала ацхыраара зауз ахәыҷқәа рԥеиԥш ажәлар дырбара, ҳгәаанагарала гәышьҭыхгоуп, гәыӷроуп ачымазара иазықәԥо ахәыҷқәа зегьы рзыҳәаны", - иҳәеит Sputnik Аԥсны апресс центр анапхгаҩы Инал Лазба.
Ателеканал "Абаза ТВ" ахаҭарнак Рустам Занҭариа иҳәеит, ас еиԥш иҟоу апроектқәа акыр шрыҵаркуа, ателеканала анапхгареи аусзуҩцәеи урҭ гәахәарыла ишадгыло.
"Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" анапхгара зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит. Агәра ганы сыҟоуп аԥхьаҟа апроект "Ақьиара алҵшәақәа" еихаҳауа ишцало", - иҳәеит Рустам Занҭариа.
Апресс-конференциа хыркәшо, акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа иҭабуп ҳәа ралҳәеит, русура аҟны ирыдгыло, ацхыраара рызҭо аинформациатә хархәагақәа зегьы.
Логотип КБР Ашана. - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2021
Аԥсны
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" 2021 шықәсазтәи аусура аихшьаалақәа мҩаԥнагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0